Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

1996 шықәса, август 13 рзы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан № 290-с а-12-тәи ахәҭаҷ «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара (Аиҳабыра) иазкны» инақәыршәаны, ииун 16 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара иҭрыжьит адҵа № 108, Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩыс Динара Смыр дҟаҵазарц.
В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеии Россотрудничество ахаҭарнакреи апроект «Аиаара 75 шықәса ахыҵра иазку аволонтиорцәа жәларбжьаратәи ркоманда» иацнарыгӡоит. Ииун 21 асааҭ 21:00 рзы Идырым аибашьҩы ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥгахоит Аџьынџьтәылатә Еибашьра ду атрагедиа иазку акциа «Агәалашәара ацәашьы». Ииун 22 асааҭ 10:00 рзы имҩаԥысуеит ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара Идырым аибашьҩы ибаҟа…
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала иирамш идаҳныҳәалоит инарылукааша аԥсуа журналист, ателеканал «Абаза» ашьаҭаркҩы, адиректор хада, Аԥсны Ажурналистцәа Реидгыла Ахантәаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу Руслан Мкан-иԥа Ҳашыг! Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иԥа, журналистк иаҳасабала шәышьақәгылара аамҭакала ирыдҳәалан ҳҳәынҭқарра ҿыц аԥҵаразы кыр зҵазкуаз ахҭысқәа, ҳҭоурых аӡеилашыра шәалагылан. Ас еиԥш иҟоу аамҭақәа…
Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр анапхгареи, аколлективи рыхьӡала Аҧсны акультура аминистр ҿыц Гудиса Едуард-иҧа Агрба идаҳныҳәалоит имаҵурахьы анеира! Аџьабаа ду зцу аус аҟны изеиӷьаҳшьоит ақәҿиара дуқәеи, аманшәалареи, ачҳареи. Ҳтәылаҿы аҟазареи, абаҩхатәреи рырҿиара зхы азызкуа зегьы ҳрывагылаҩцәоуп, ҳацхырааҩцәоуп. Ҳрықәгәыӷуеит алҵшәа змоу аусеицыуреи, аилибакаареи, арҿиаратә гәацҧыҳәареи. Убасгьы, ҭабуп ҳәа лаҳҳәоит кыршықәса акультура аус…
Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа – аԥсуа хореографиа раԥхьатәи апрофессионалтә балетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат. Едуард Уаҳаид-иԥа – Леон и-Орден занашьоу Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ашьаҭаркҩы, иԥсҭазаара зегьы аԥсуа хореографиатә ҟазара иазикит. Аԥсуа жәлар ркәашаратә ҟазареи рытрадициақәеи шьаҭас ирыҭаны, иаара иқәиргылеит иахьа уажәраанӡагьы ахәаԥшыҩцәа …
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Акультура аминистрра аколлектив дыддырдырит аминистр ҿыц Гәдиса Агрба.
Ииун 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит О. Хәынҵариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр анапхгаҩы Денис Арухаа дызлахәыз аилацәажәара. Уаҟа иалацәажәеит Акультура аминистрреи аоркестри еицымҩаԥыргараны иҟоу акультуратә-ҵаралашаратә проект. Апроект хықәкы хадас иамоуп амилаҭтә музыкатә ҭынха аиқәырхара.
Леонид Шамел-иԥа Еныкь, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа. 1994-2001 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, агалереиа афонд ахьчареи аизырҳареи акыр дазааԥсеит. 2001-2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрс аус иуан. Леонид Шамел-иԥа дрылахәын Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсныи аҳәаанырцәи (Ҭырқәтәыла, Италиа).…
Ииун 2 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит аилацәажәара. Уи иалахәын Акультура Аминистрра иаҵанакуа акультуратә ҵараиурҭақәа рнапхгаҩца. Аилацәажәараҟны ишьҭыхын иахьа актуалра змоу азҵаарақәа, хаҭала аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рԥышәарақәа шеиҿкаатәу. Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, акарантинтә ԥҟарақәа ес-ҩымчыбжь идырҿыцуеит. Ҿыц иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ажәаатәи апункт инақәыршәаны,…
Ииун 2 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа имҩаԥылгеит аилацәажәара. Уи иалахәын Акультура Аминистрра иаҵанакуа акультуратә ҵараиурҭақәа рнапхгаҩца. Аилацәажәараҟны ишьҭыхын иахьа актуалра змоу азҵаарақәа, хаҭала аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа рԥышәарақәа шеиҿкаатәу. Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, акарантинтә ԥҟарақәа ес-ҩымчыбжь идырҿыцуеит. Ҿыц иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵа ажәаатәи апункт инақәыршәаны,…
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара иамшуп. Сергеи Уасил-иԥа хәы змаӡам алагала ду ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵарц. Наунагӡа хьӡи-ԥшеи игымзааит ажәлар рҵеи лаша!
Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит апроект "Аклассика ҳаԥхьоит" аидеиа шцәырҵыз, уи хықәкыс иамоу атәы.

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.