Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

1992 шықәса нанҳәа 15 рзы, аибашьра аналагаз адырҩаҽны, Гәдоуҭа рхатәгәаԥхьарала еибашьра иааит Нхыҵ Кавказынтәи раԥхьатәи агәыԥ, аинрал Сулҭан Сосналиев хадара ззиуаз. Аибашьра иалахәын ҩ-нызқь иреиҳаны зхатәгәаԥхарала иааз. Урҭ рахьтә 50-ҩык инреиҳаны ирыхьҵан «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 300-ҩык иреиҳаны иранашьан Леон иорден, 600-ҩык иреиҳаны – «Агәымшәараз» амедал. 260-ҩык зхатәгәаԥхарала еибашьуаз…
Агәалашәара амш алагеит ишаԥу еиԥш иҭахаз ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ихырхәарц Амемориал иаҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Ахада Валери Кәарҷиа, апарламент адепутатцәа, Аԥсны ахадара, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, акультура аминистр Гәдиса Агрба,…
Нанҳәа 15 рзы В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан зхатәгәаԥхарала еибашьуаз ирызку агәалашәаратә хәылԥазы. Иалагоит асааҭ 16:00 рзы. 
Ианакәзаалак тәамҩахә змамыз Иури Гамсараҭ-иԥа активла дрылахәын ҳтәыла акультуратә, ауаажәларратә ԥсҭазаара, аԥсуа жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара даара дазҿлымҳан. Иара ибзоураны акырынтә ҳҟазаратә гәыԥқәа аҳәаанырцә аԥсуа милаҭтә ҟазара ӡырыргон. Даара ахәшьара цәгьоуп Иури Гамсараҭи-иԥа илагала ҳажәлар ракультуреи рҟазареи реиқәырхареи рырҿиареи аус аҟны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит Иури Гамсараҭ-иԥа…
Нанҳәа мза 4 аҽны Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуеит К. Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» асолотә концерт. Асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба. Иалагоит асааҭ 19:00 рзы. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Ԥхынгәы 28 рзы акультура аминистр Гәдиса Агрба хантәаҩра ззиуа абаҟақәа апроектқәа иреиӷьу ралхразы иаарту жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рымҩаԥгаразы амонументалтә комиссиа аусуратә гәыԥ ахаҭарнакцәеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи иаҭааит Ахақәиҭра Ашҭеи С. Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭеи. Ахақәиҭра Ашҭаҿ иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аргылара, С. Багаԥшь ихьӡ зху…
Ԥхынгәы 28 рзы акультура аминистр Гәдиса Агрба даҭааит Аладатәи Ешыра ақыҭан игылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку Аҳәынҭқарратә мемориалтә комплекс. Акультура аминистр Владислав Арӡынба игәалашәара аҳаҭыраз амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Амемориалтә комплекс адиректор Гоча Аџьынџьыл аминистр изеиҭеиҳәеит дызхагылоу аусбарҭа изаамҭанытәу аусура шымҩаԥысуа.
Ҧхынгәы 23, Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш азы Д.И.Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы имҩаҧгахеит аҧсуа поетцәа ҿарацәа рлитературатә еилазаара "АШАЦКЫРА" аӡыргара. Ражәеинраалақәа ирыҧхьеит аҧсуа литератураҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала иналукаартә еиҧш иҿыцны ицәырҵыз, зхатәы бжьы зхоу аҿарацәа - Дырмит Габалыиа, Аинар Ҷыҭанаа, Адгәыр Амҧар, Бганҧҳа Шьазина, Џьыкырба Ҳаџьараҭ, Аҟалӷьба Абзагә, Шьалашьаа Алмас. "Иахьа…
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ргәалашәа аҳаҭыр азы Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны иааит Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьопуа Беслан, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Владимир Делба, Кристина Озганԥҳа, акультура аминистр Гәдиса Агрба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар реизара адепутатцәа, Аԥсны аиҳабыра, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
2005 шықәса рашәара 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инапы аҵаиҩит азакәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Аԥсны Аҳәынҭқарра агәаларшәаратә, аныҳәатә мшқәа ирызкны» ахарҭәаареи аԥсахреи алагара», уи ала ишьақәыргылоуп ԥхынгәы 23 Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ иамшны. Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи Аҳәынҭқарратә бираҟ рыдыркылеит Аҟәа имҩаԥысуаз Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Асессиаҟны 1992 шықәса,…

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.