Леонид Шамел-иԥа Еныкь, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә сахьаҭыхратә академиа.
1994-2001 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭҭә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы директорс дыҟан, агалереиа афонд ахьчареи аизырҳареи акыр дазааԥсеит. 2001-2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрс аус иуан.
Леонид Шамел-иԥа дрылахәын Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара имҩаԥнагоз ацәыргақәҵақәа Аԥсныи аҳәаанырцәи (Ҭырқәтәыла, Италиа). Иусумҭақәа ыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиаҿы, иара убас аҳәаанырцә ахатәы коллекциақәа рҟны.
Леонид Шамел-иԥа, Акультура Аминистрра ахьӡала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ашықәсынҵыра рацәа, аҟазарахь ишәымоу агәаҳәара наунагӡа иҿымцәааит!