Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ, Аԥснытәи аҭҵаарадырратә академиа академик, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» Арден II аҩаӡара занашьоу Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа иуацәеи иҭынхацәеи.
Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа – еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, академик, аԥсуа фольклористикеи нарҭаа репоси рыҭҵаараҟны алагала ду ҟаиҵеит. Иара убас илагала дууп Аԥсуа ҭҵаарадырратә Академиа ашьақәыргылареи аҿиареи.