Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсны иаԥҵахоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху жәларбжьаратәи афестиваль

Аԥсны Акультура аминистрраҟны имҩаԥысит интеллигенциа ахаҭарнакцәа злахәыз аилатәара.

Аилатәараҟны иалацәажәон Аԥсны Жәлар рпоет, Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа иаԥхьахә алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара занашьоу, ауаажәларратәи, аҳәынҭқарратәи аусзуҩ Баграт Шьынқәба 2022 шықәсазы ииубилеи амҩаԥгаразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Акультура аминистрра иазԥхьагәанаҭоит ауснагӡатәқәа рцикл амҩаԥгара.

 «Аԥсны Акультура аминистрра Баграт Шьынқәба ихьӡ зху жәларбжьаратәи афестиваль аԥҵара ргәы иҭоуп, уажәы ари азҵаара ҳалацәажәоит», – иҳәеит акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Аилацәажәара алахәылацәа еиҭах еиқәшәараны иҟоуп еиҳа инарҭбааны ари аус алацәажәаразы.

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диит лаҵара 12, 1917 шықәсазы Ҷлоу ақыҭан.

2022 шықәсазы апоет диижьҭеит 105 шықәса ҵуеит.

Last modified on Dinsdag, 02 Абҵара 2021 16:06

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru