Тҟәарчал араион аҟны Акультура Аминистрра анапхгара ирҭааит акультуратә усбарҭақәа – Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр, Резо Чачхалиа ихьӡ зху ахәыҷтәы музыкатә школ, Акультура Ахан, ирылацәажәеит аусбарҭақәа ирымоу апроблемақәа, ԥхьаҟатәи апланқәа.
Аминистр иазгәеиҭеит, акультуратә усмҩаԥгатәқәа Аҟәа анҭыҵгьы амҩаԥгара аҵак ду шамоу, избанзар Аԥсны араионқәа зегьы Ареспубликаҟны имҩаԥысуа акультуратә ԥсҭазаара иалахәзароуп.
Акультура Аминистрра анапхгара иара убас иаҭааит Ҷлоу ақыҭан еиҿкаау Б. У. Шьынқәба имемориалтә ҩны-амузеи.