Аиԥылараан иалацәажәеит Тҟәарчал араион аҟны иҟоу аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рҭагылазаашьа иадҳәалоу апроблемақәа. Иазԥхьагәаҭан Тҟәарчал араион анапхгареи Акультура Аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартаменти русеицураз аплан.
Аусуратә ныҟәара иалагӡаны аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аусзуҩцәа имҩаԥыргеит Тҟәарчал араион Аҟармара ақыҭаҟны иҟоу аобиектқәа ашәҟәырҭагалара.