Ииуль 23, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш аҽны С. Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт.
Апрограмма шьақәгылоуп жәлар рашәақәа, аԥсуеи аҳәаанырцәи акомпозиторцәа рҩымҭақәа рыла.
Асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор — Нора Аџьынџьалԥҳа.
Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ҳәааркуп. Аконцерт аҭааразы заа шәыҽҭашәыҩҩыр шәылшоит абри аҭел ала: 7-214-214.