Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара амузеи адиректор Мзиа Беиа лиубилеи лыдылныҳәалеит:

«Акыр иаԥсоу Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.

Шәара 1992–1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны хеигӡарак ҟамҵакәа ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәрывагылеит, шәыбзоурала аӡәырҩы аибашьцәа рыԥсы еиқәхеит. Аибашьраан иаашәырԥшыз агәымшәара азгәаҭо, ишәыхҵоуп «Аԥсны Афырԥҳәызба» ҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡ ҳаракы.

Иахьа шәара напхгара ашәҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара Аҳәынҭқарратә музеи. Жәлар рҭоурых зегьы ахьеизго аҭыԥ – амузеи – акыр зҵазҵкуа культуратә хәышҭаароуп. Гәалашәара змам ажәлар аԥеиԥшгьы рымаӡам. Убри азоуп пату заҳзақәу шәара шәџьабаа. Шәара ишәылшо зегь ҟашәҵоит амузеи аусура аҭышәынтәалараз – ихаҭәаауеит афондқәеи аекспонатқәеи, иаатуеит азал ҿыцқәа, есааира иазҳауеит амузеи аҭааҩцәа.

Ҳаҭыр зқәу Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа! Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп зегь раԥхьаӡа агәабзиара, агәамч, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҟны аихьӡарақәа. Шәаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа рҟны ишәыцзааит ақәҿиарақәа!»

Last modified on Donderdag, 06 Жәабран 2020 16:22

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.