Асценари автор, арежиссиор – Алеқсеи Малечкин.
Афильм афырхаҵа хада 16 шықәса зхыҵуа Давид иҭоурых даара иџьашьахәуп. Аныхақәа рҭыхра анаҩсгьы, уи иаԥиҵоит акомпиутертә роботқәа. Аха зегь реиҳа ихадоу – Давид илшеит игәакьацәеи иареи рыԥсҭазаара зегь еилазырҩынтыз, изыԥсахыз ачымазара бааԥс аиааира.