Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аҟәа Лаҭатәи арыцҳараан иҭахаз ргәаладыршәеит

Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥган Аҟәа.
"Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭеи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии есышықәса еицымҩаԥаагоит Лаҭа иҭархаз ргәалашәара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа. Ԥхынҷкәын 14- ҳҭоурых аҿы еиқәаҵәоу мшуп, ари аҽны рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәеит 87-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык хәыҷқәан", - лҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беииаԥҳа.
Амузеи аҟны иаартын аекспозициа, ицәыргақәҵан авертолиот ахәҭақәеи, арыцҳара ахьыҟалаз акәша-мыкәша иԥшааз иҭахаз рымаҭәақәеи.
Агәалашәаратә акциа алахәылацәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ацәашьқәа адыркит.
Ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭыԥраа 12 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 17:30 рзы уи аамҭазы Қырҭтәылатәи архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз, 1900 метра аҳаракыраҿы иҭархан Ақырҭуа ҳәынҭсовет аруаа ихаларҵаз аракета "Адгьыл-аҳауа" ала.
Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан. Рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, ааҩык зцәа зтәымыз аҳәса.
Last modified on Woensdag, 15 Ԥхынкәын 2021 09:37

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru