Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит аспектакль «Акыр иаԥсоу Памела» аԥхьарбара

Ииун 15 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаԥысит Джон Патрик илирикатә комедиа ала иқәыргылоу аспектакль «Акыр иаԥсоу Памела» аԥхьарбара. Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, адрамтеатр арежиссиор Адгәыр Ақаҩба.

Аспектакль аҿы ихәмаруеит Аԥсуа театр актиорцәа рабиԥарақәа хԥа: Аԥсны жәлар рартист Виолетта Маан, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Маиа Џьыкырԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лаврик Ахба, Гарри Аџьынџьал, Адгәыр Малиа, Лана Џьапуаԥҳа, Гәдиса Ҭодуа.

Аспектакль шьаҭас иамоуп америкатәи адраматург, асценарист Џьон Патрик ипиеса «Аҭакәажә дышԥақәаагари» («Как бы нам пришить старушку»). Ари аҩымҭаҿы рыӡбахә аҳәоит хҩык амцҳәаҩцәа рҭоурых, Памела Кронки захьӡу аҭакәажә данԥслак ашьҭахь илымоу амазаразы аԥгаԥса дара иртәыртәырц рҭахуп. Аха афырхаҵа хада лгәы рызԥжәаӡом ацәгьахәыццәа, лара урҭ зегь раналыжьуеит, агәра длыргоит аԥсҭазаараҿы аԥара раԥхьа ишыргылатәым.

Иахьа имҩаԥысуеит апремиера аԥхьарбара аҩбатәи амш.

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.