Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа 100 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иԥа!

Акультура Аминистрра ахьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит напхгара ззыжәуа И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа 100 шықәса ахыҵра.

100 шықәса – ашәҟәыԥхьарҭа аҭоурых азы ари ҿҳәара маҷым. Ари аамҭа иалагӡаны ашәҟәыԥхьарҭа алагала рацәаны иҟанаҵеит акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҵарадырреи рырҿиарарзы, имаҷым алшара аԥсуа жәлар ркультуратә ҭынха ахьчареи аихырҿиареи аус аҟны, имҩаԥнагоит азҿлымҳара зцу апрограммақәеи апроектқәеи. Ари зегь зыбзоуроу шәара напхгара ззыжәуа ашәҟәыԥхьарҭа аусуцәа рус ҭакԥхықәрала, ҟазарыла иахьазнеиуа ауп.

И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа – аҭоурых ду змоу акультуратә хәшҭаароуп, ианакәзаалак уи ажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ашәҟәыԥхьарҭа ааха ду арҭеит, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аԥсуа ҭоурыхи акультуреи рыӡбахә зҳәо зегьы аԥырхырц ргәы иҭан. Аибашьра ашьҭахь шәара ишәылшо зегь ҟашәҵеит ашәҟәыԥхьарҭа фонд аиҭашьақәыргылараз. Иахьатәи ҳаамҭаз И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа культуратә, аинформациатә, арккаратә хәшҭаароуп, ҳҳәынҭқарра ауаажәларратә ԥсҭазаара иалахәуп.

Гәык-ԥсыкала И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭа аколлектив ирыдысныҳәалоит 100-шықәсатәи аиубилеи. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аманшәалара, азҿлымҳара зцу апроект ҿыцқәа, ашәҟәыԥхьарҭа аҿиаразы шәыгәҭакқәа аԥсҭазаара раларҵәаразы алшара шәоуааит!».

 

Last modified on Maandag, 29 Хәажәкыр 2021 15:42

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru