Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аԥсныи Урыстәылеи акультура аминистрцәа акультура аусхк аҟны аусеицураз 2021 шықәсазтәи ауснагӡатә рнапы аҵарыҩит

«Агәахәа ду снаҭоит хаҭала ҳаиԥылареи 2020-тәи ашықәс азы акультура аусхк аҟны ҳусеицура аихшьаала аҟаҵареи, уи анаҩсгьы ԥхьаҟатәи ҳусеицура алацәажәара ахьалыршахаз.

Ҳара лымкаала ҳацклаԥшуеит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи. Аепидемиатә ҭагылазаашьа акыр ишыцәгьоугьы, ҳара иҳалшеит еицаҳзеиԥшу апроектқәа жәпакы аԥсҭазаара раларҵәара. Хаҭала, хҭыс дуны иҟалеит Урыстәыла жәлар рартист Л. З. Конторович напхгара ззиуа Академиатә хор ду «Мастера хорового пения» Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҟны рықәгылара, Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аспектакль «Ҳаџьы Мураҭ» онлаин арбара амҩаԥгара, аспектакль 200 нызқь-ҩык ахәаԥшцәа аднагалеит. Хазы иазгәасҭарц сҭахуп онлаин-проект «Иҳәаадоу акультура амшқәа» қәҿиарала аԥсҭазаара иахьаларҵәахаз. Сынтәатәи ашықәс азы Урыстәыла Акультура аминистрра ари апроект анагӡара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп, ҳгәыӷуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистррагьы рхы аладырхәып ҳәа», – азгәалҭеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.

Гәдиса Агрба гәыкала иҭабуп ҳәа реиҳәеит Урыстәыла Акультура аминистрра  иҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы. «Иҳаҩсыз ашықәс азы иазԥхьагәаҭаз аусмҩаԥгатәқәа жәпакы рынагӡараз алшара ҳмоуит аепидемиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аха агәыӷра ҳамоуп, ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны иҳамоу азҿлымҳара зуҭаша апроектқәа рынагӡараз алшара ҳауп ҳәа», – иазгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Наҟ-ааҟтәи аиқәшаҳаҭра рҳәаақәа иҭагӡаны, ҳазҭоу ашықәс маи мзазы иазԥхьагәаҭоуп Игорь Моисеев ихьу зху Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рыкәашаратә ансамбль аконцертқәа Аԥсны амҩаԥгара, Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аспектакль «Ишьаарҵәыроу ачара» Санкт-Петербург имҩаԥысуа СНГ аҳәынҭқаррақәеи Балтиа аҳәынҭқаррақәеи ХХIII Жәларбжьаратәи ртеатртә фестиваль «Встречи в России» аартра аҳәаақәа ирҭагӡаны адырбара.

Урҭ рнаҩс Аԥсны Ахьыԥшымра Азхаҵара амш аҽны Аҟәа имҩагахоит аконцерттә программа. Уи иалахәхоит П. И. Чаиковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аиндаҭлара иалахәыз алауреатцәа, Адыгатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә филармониа асимфониатә оркестр, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр.

Аиԥылара иара убас иалахәын Аҟазареи жәлар рырҿиареи аҳәынҭқарратә цхыраараз Адепартамент адиреқтор  Оксана Косарева, Амузеиқәеи аҳәаанырцәтәи аимадарақәеи рдиреқтор ихаҭыԥуаҩ Антон Кузнецов, Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр.

 

 

Last modified on Donderdag, 25 Хәажәкыр 2021 17:37

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.