Print this page

Ацәыргақәҵа «Аԥҳәыс лпортреҭ» аатит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла рцәыргақәҵатә зал хада аҟны

03 Хәажәкыр 2021 199

Март 3 аҽны Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла рцәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит ацәыргақәҵа «Аԥҳәыс лпортреҭ». Араҟа ицәыргоуп 50 усумҭа инареиҳаны.

Асахьаҭыхыҩцәа жәытә-натә аахыс аԥҳәыс лхаҿсахьа иазхьаԥшуан рҟазараҟны. Аԥҳәыс лхаҿсахьа аазырԥшуа адунеи еицырдыруа аҭыхымҭақәа анырра ду арҭеит аҟазара адунеи. Урҭ иаҵыршьуан аԥҳәыс лыԥшӡара, лаамсҭашәара.

Ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирбар рылшоит аҵыхәтәантәи шәы-шықәса рыҩныҵҟа иаԥҵоу аҭыхымҭақәа.

Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи Аҳәынҭқарратә милаҭтә галерееи Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрра ацхыраарала.

 

Last modified on Woensdag, 03 Хәажәкыр 2021 16:34