Асахьаҭыхыҩцәа жәытә-натә аахыс аԥҳәыс лхаҿсахьа иазхьаԥшуан рҟазараҟны. Аԥҳәыс лхаҿсахьа аазырԥшуа адунеи еицырдыруа аҭыхымҭақәа анырра ду арҭеит аҟазара адунеи. Урҭ иаҵыршьуан аԥҳәыс лыԥшӡара, лаамсҭашәара.
Ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирбар рылшоит аҵыхәтәантәи шәы-шықәса рыҩныҵҟа иаԥҵоу аҭыхымҭақәа.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи Аҳәынҭқарратә милаҭтә галерееи Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрра ацхыраарала.