Аԥсуа фольклор аҟны жәлар рашәақәа акры зҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит. Урҭ ирныԥшуеит аԥсуа жәлар рҵасқәеи наџьнатә аахыс изнысыз аҭоурыхтә мҩеи. Ҳара ҳапроект хықәкыс иамоуп аԥсуа жәлар рашәақәа рӡыргара. Агәыӷра ҳамоуп, еиуеиԥшым абиԥарақәа уи азҿлымҳара арҭап ҳәа.
Апроект хацыркхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра аофициалтә даҟьақәа рҟны ноиабр 18 инаркны.
Министерство культуры Республики Абхазия запускает новую рубрику #ажәларрдоуҳамч