Апоезиа ажанр аҟны апремиа ианашьоуп апоет, апублицист Геннади Аламиа апоема «Нарҭашәа» азы.
Адраматургиа ажанр аҟны далкаахеит Валентин Кәаӷәаниа «Сыкәты шкәакәа» азы.
Апремиа анашьара ацеремониа мҩаԥгахоит хәажәкырамза 11, Таиф Аџьба иирамш аҽны.