1992 шықәса нанҳәа 15 рзы, аибашьра аналагаз адырҩаҽны, Гәдоуҭа рхатәгәаԥхьарала еибашьра иааит Нхыҵ Кавказынтәи раԥхьатәи агәыԥ, аинрал Сулҭан Сосналиев хадара ззиуаз.
Аибашьра иалахәын ҩ-нызқь иреиҳаны зхатәгәаԥхарала иааз. Урҭ рахьтә 50-ҩык инреиҳаны ирыхьҵан «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы, 300-ҩык иреиҳаны иранашьан Леон иорден, 600-ҩык иреиҳаны – «Агәымшәараз» амедал. 260-ҩык зхатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит.
Наунагӡа рыхьӡ кашәаӡом зхатәгәаԥхарала еибашьуаз! Хашҭра рықәымзааит Афырхацәа!