Агәалашәара амш алагеит ишаԥу еиԥш иҭахаз ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-Аԥша Амемориал аҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ихырхәарц Амемориал иаҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Ахада Валери Кәарҷиа, апарламент адепутатцәа, Аԥсны ахадара, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, акультура аминистр Гәдиса Агрба, аветеранцәа, иҭахақәаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.