Ииунь 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳаи ирҭааит акультура аусбарҭақәа — И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә шәҟәыԥхьарҭеи С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри.
Аиԥылараан Акультура Аминистрра анапхгара иҭырҵааит аусбарҭақәа рматериалтә-техникатә база, ахыбрақәа рҭагылазаашьа, иара убас иалацәажәеит аусбарҭақәа русура иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа, изаамҭанытәу апроектқәа рымҩаԥысшьа.