Ҷыҷыкәа Михаил-иҧа Џьонуа-ашәҟәыҩҩы, апоет, апрозаик, адраматург, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 1941-194 5шш. аветеран, ауаажәларратә усзуҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху алауреат.
Уара сҟармаҵыс, абжьы ссир ухоуп,
Сааигәа унықәтәан ашәак сызҳәала.
Са сгәы насыҧла ахьаа ацроуп,
Ахьаа санаргәаҟуа сыҧсы сыргала.
Сҩыза гәакьа, убжьы ныҭганы,
Саамҭа ааир, инҵәар сыҿҳәара,
Амахә унықәтәан, сҳаҭгәын аханы,
Уараӡәк уакәхап ашәак зҳәара.