Алықьса Чанта-иҧа - акомпозитор ду, зеиҧш ыҟам амузыкатә баҩхатәреи ауаҩытәыҩсатә цәаҩа бзиақәеи злаз уаҩын. Алықьса Чичба ирҿиара еиднакылоит еиуеҧшым аамҭақәеи акультурақәеи. Аҧсуа музыкантцәа иара ирҿиамҭақәа рыла ирныруеит заҟа ижәытәӡатәиу дара рмилаҭтә традициақәа, рдоуҳатә беиарақәа.
Аҧсуа жәлар ргәалашәараҿы Алықьса Чичба даанхоит дпатриот дууны, еицырдыруа амузыка-уажәларратә усзуҩны, композиторны, зҟазара ала аҧсуа профессионалтә музыка аҭоурых адаҟьа зырҭбааз.