«Аиндаҭлара аҿҳәара инахоуп аԥкыратә уснагӡатәқәа инарыдҳәаланы. Аԥҟарақәа шыҟац иаанхоит. Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа, архитекторцәа, Аԥсны иатәымгьы», – лҳәеит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟазы аиндаҭлара мҩаԥнагоит Аминистрцәа реилазаараҿы иҟоу Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа. Иреиӷьу аусумҭазы аԥхьахә иартәоит 200 000 мааҭ.