Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа – аԥсуа литература апатриарх, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорҭҵааҩы, абызшәаҭҵааҩы, СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рпоет, Асоциалисттә џьа Афырхаҵа 146 шықәса ихыҵра инадҳәаланы, ибаҟа ахьгылоу Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа апарк аҟны имҩаԥысит ашәҭқәа рышьҭаҵара.
Аԥсуа шәҟәыҩҩы ду игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын аминистррақәа рнапхгара, аҟазареи анаукеи знапы алаку аинтеллигенциа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.