«Уашәақәа мроуп иҧхауа,
Апоет дызражәуа мчыҟаӡам –
Шәышықәса царгьы иҭакәкәа!...»
Баграт Шьынқәба “Дырмит Гәлиа иахь”
1874 шықәса, февраль 21 аҽны диит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа.
Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа – аԥсуа литература апатриарх, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорҭҵааҩы, абызшәаҭҵааҩы, СССР Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны Жәлар рпоет, Асоциалисттә џьа Афырхаҵа.
Д. И. Гәлиа иоуп XX ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа ҩыреи алитературеи ашьаҭакра зуалхаз. К. Д. Мачавариании иареи еиқәдыршәеит аԥсуа нбан, иҭрыжьит раԥхьатәи арҵага шәҟәқәа, раԥхьаӡакәны иркьыԥхьит ажәеинраалақәа ԥсыуа бызшәала.
Идууп Д. Гәлиа илагала аԥсуа сахьаркыратә проза ашьаҭакраҟны. Д. Гәлиа илирикеи ипрозеи шьаҭас ирымаз афольклор акәын – ажәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа, ражәаԥҟақәа, рлакәқәа. Урҭ Д. Гәлиа даара дрызҿлымҳан, ибзиангьы иҭҵааны иман.
Апроза аус адулара Д. Гәлиа далагеит 30-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан иара иаԥиҵеит шәкы инареиҳаны ажәабжь кьаҿқәа. Аха раԥхьатәи иажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» Д. Гәлиа иҩҩит 1919 шықәсазы.
«...Машәырны иҟамлеит зхыҧхьаӡара маҷу аҧсуа жәлар рлитература ашьаҭаркҩы, анбан аҧҵаҩы, апрофессионалтә театри амилаҭтә кьыҧхьи рхацыркҩы, Арҵаҩы-арккаҩы Дырмит Есыф-иҧа Гәлиеи Абызшәа Жәларбжьаратәи амши рыцхәла иахьеиқәшәо…»
С.Қәарсаиаҧҳа.