Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

И. П. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториаҟны имҩаԥысуеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр аконцерт

Аԥсни Урыстәылеи Акультура аминистррақәа русеицуратә план инақәыршәаны, февраль 1 аҽны И. П. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториаҟны Рахманин ихьӡ зху азал аҿы имҩаԥысуеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр аконцерт.

Аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан.

Асолистцәа – Виктор Абрамиан-Ешба (аскрипка). Аконцерт иалахәуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Маргарита Спиридонова (альт), Алина Павлова (аскрипка), Максим Орехов (гобои), Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла артистцәа.

Иара убас аконцерт иалахәуп аскрипкарҳәаҩцәа ҿарацәа – Мариа Емилиа Терзиан-Хагба (Аԥсны), Грант Башмет (Урыстәыла).

Аконцерттә программа шьақәгылоуп Бах, Гендель, Моцарт, Гаидн, аԥсуа композитор П. Петров раԥҵамҭақәа рыла.

Аконцерт мҩаԥгахоит Москватәи аконсерваториа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра, Урыстәыла иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәара, Москватәи аԥсуа диаспора рыцхыраарала.

Last modified on Vrydag, 17 Ажьырныҳәа 2020 15:07

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.