Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21 

Аҧсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Алықьса Гогәуа иирамш идырныҳәалеит

Адныҳәалараҿ иаҳәоит:

«Акыр иаҧсоу Алықьса Ноча-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ишәыдырныҳәалоит шәирамш.

Шәлагала акырӡа аҵанакуеит аҧсуа жәлар рдоуҳатә хдырра ашьҭыхраҿы, ҳажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аус аҟны иаашәырҧшыз аҟәышреи, аҕәҕәареи ҳажәлар хеиқәырхагак ирзаҩызахеит.

Ҳтәылаҟнеиҧш, уи анҭыҵгьы ибзианы еицырдыруа шәырҿиамҭақәа  иаадырҧшуеит ауаҩы иҩныҵҟатәи идунеи аилазаашьа шаҟа иуадаҩу, уи хәыцрала еиларсу, ҧсра-ӡра рықәымкәан литературатә ҭынханы иаанхоит ҳкультураҟны. «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Елана», «Аҽыхәа», «Аси амацәыси», аҧҵамҭақәа иагьа аамҭа царгьы аҧсуа литература адац-ҧашә зырҕәҕәо, еихазҳауа акакәны иҟазаауеит.

Ҳаҭыр ду зқәаҳҵо Алықьса Ноча-иҧа! Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьаҳшьарц ҳҭахәуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа, иахьагьы агәра ҳгоит иҿыцу арҿиамҭақәа аҧхьаҩ ишидыжәгало. Шәыуаажәлари шәҭаацәеи шәрыгымзааит!».

Last modified on Dinsdag, 02 Мшаҧы 2019 09:24

Ажәабжьқәа рархив

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.
Создание и обслуживание сайта :  Агентство Правительственной Связи Республики Абхазия