2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Адныҳәалараҿ иаҳәоит:
«Акыр иаҧсоу Алықьса Ноча-иҧа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ишәыдырныҳәалоит шәирамш.
Шәлагала акырӡа аҵанакуеит аҧсуа жәлар рдоуҳатә хдырра ашьҭыхраҿы, ҳажәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара аус аҟны иаашәырҧшыз аҟәышреи, аҕәҕәареи ҳажәлар хеиқәырхагак ирзаҩызахеит.
Ҳтәылаҟнеиҧш, уи анҭыҵгьы ибзианы еицырдыруа шәырҿиамҭақәа иаадырҧшуеит ауаҩы иҩныҵҟатәи идунеи аилазаашьа шаҟа иуадаҩу, уи хәыцрала еиларсу, ҧсра-ӡра рықәымкәан литературатә ҭынханы иаанхоит ҳкультураҟны. «Аҽыкәаҳа», «Асду», «Елана», «Аҽыхәа», «Аси амацәыси», аҧҵамҭақәа иагьа аамҭа царгьы аҧсуа литература адац-ҧашә зырҕәҕәо, еихазҳауа акакәны иҟазаауеит.
Ҳаҭыр ду зқәаҳҵо Алықьса Ноча-иҧа! Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьаҳшьарц ҳҭахәуп агәабзиара, агәамч, аманшәалара, агәалаҟазаара бзиа, иахьагьы агәра ҳгоит иҿыцу арҿиамҭақәа аҧхьаҩ ишидыжәгало. Шәыуаажәлари шәҭаацәеи шәрыгымзааит!».
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.