2017-2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра, ақ. Аҟәа, Лакоба им., 21
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Акыр иаҧсоу Светлана Винор-иҧҳа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи – 65 шықәса шәхыҵра!
Ажурналист, аҟазараҭҵааҩ, аҟазараҭҵаарадыррақәа ркандидат, «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, Аҧсны зҽаҧсзатәыз акультура аусзуҩы – имаҷӡам шәҟазара ахә ҳаракны изшьо ахьыӡ ҳаракқәа.
Шәара иарбан усзаалак ҭакҧхықәрала шәазнеиуеит, ишәылоу аҟазара ахырхарҭақәа ирылҵшәаны, иаашәырҧшуеит ауаҩы игәы иақәшәаша атемақәа.
Шәџьабаа акыр ирацәоуп Аҧсуа телехәаҧшраҟны, уаҟа аус здыжәуло, ателехәаҧшцәа рышҟа инажәго адырраҭарақәа аинтерес ду рыҵоуп. Уи аҕьырак азкуп акультуратә ҧсҭазаара. Шәтелехәаҧшратә проеқт «Акультура Аамҭа» иахьа ателехәаҧшцәа азҿлымҳара бзиа арҭоит, уи иаанарҧшуеит ҳтәылаҟны имҩаҧысуа акультуратә хҭысқәа.
Аҧсны Жәлар рпоет, аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Д. Гәлиа илитературатә-мемориалтә-музеи напхгара азыжәуеит. Уи акультуратә хәышҭаара иаҵоу акәиц, ицәырнаго адоуҳа, шьаҭамырӡгоуп ҳҳәынҭқарразын. Амузеи аҟны аус жәуанаҵы аҧсы ҭазаауеит Дырмит Ду ибаҟа, уи идоуҳа иахылҵуа аҧхарра ыҟанаҵ иҟазаауеит ҳбызшәа, иара убас ҳлитература.
Ишәзеиҕьаҳшьоит зегь раҧхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, иахьа шәнапы злаку аус хадаҟны аихьӡара дуқәа, шәыгәҭакқәа Ҳазшаз шәырхьигӡааит!
Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.