«Ҳаҭыр зқәу Циала Иуан-иԥҳа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәирамш.
Ҳаԥсуа хореографцәа инарылукааша, шәара шәыԥсҭазаара зегьы аԥсуа сцена иазышәкит. Шәҟазара ҳаракы иабзоураны, ахореографиа абызшәала шәара ишәылшоит ҳажәлар рмилаҭтә ҟазшьа, рҷыдара, ртемперамент асценаҟны аарԥшра.
Ҳажәлар аибашьра амцабз ианалагылаз иаԥышәҵаз ахәыҷқәа рансамбль «Абаза» иахьа уажәраанӡагьы ахәыҷтәы нсамбльқәа иреиӷьу ирхыԥхьаӡалоуп. Ансамбль аҟазара ҳаракы азгәаҭо, жәларбжьаратәи афестивальқәа рҟны акырынтә аԥхьахәқәа анаршьахьеит. Уи аҵак ду амоуп ҳаԥсуа культура аҳәаанырцә аӡыргаразы. Шәара ишәылшеит ахәыҷқәа ахореографиатә ҟазара ашҟа агәыбылра дыркра. Шәџьабаа иабзоураны аӡәырҩы шәоушьҭымҭацәа анаҩс рыԥсҭазаара аҟазара иадырҳәалеит, иахьагьы аихьӡара бзиақәа аадырԥшуеит ҳҳәынҭқарратә ансамбльқәа рҟны.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәеизҳара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара алшара шәоуааит!».