Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы Аԥҟара

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы рлагаламҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иаԥнаҵаз Т. ШЬ. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы аиндаҭлара амҩаԥгараз

АԤҞАРА

1. Азеиԥш ԥҟарақәа

1.1. Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы рлагаламҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иаԥнаҵаз Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә алитературатә премиа анашьаразы аиндаҭлара (анаҩс – аиндаҭлара) хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алитературатә ԥҵамҭақәа зыҩуа авторцәа алкааны, аҳәынҭқарратә хылаԥшреи ацхыраареи рыҭара.

1.2. Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы рлагаламҭазы Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа аԥҵаҩыс иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

1.3. Аиндаҭлара мҩаԥгахоит хы-шықәса рахьынтә знык.

1.3. Ари Аԥҟара иҳәаақәнаҵоит аиндаҭлара аиҿкаашьеи амҩаԥгашьеи, насгьы уи алахәылацәа зықәныҟәаша аԥҟара.

 

 

2. Аиндаҭлара алахәылацәа рышҟа азыҳәарақәа

 

2.1. Аиндаҭлара алахәра азин рымоуп акьыԥхь збахьоу аҩымҭақәа ҵаҟа иарбоу ажанрқәа ирыҵаркуа:

– апоезиа;

– апроза;

– адраматургиа.

Номинациацыԥхьаӡа далырхуеит аиааира згаз аӡәы.

2.2. Аиндаҭлара аҽалархәра азин рымоуп ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алитературатә ҩымҭақәа аԥызҵо (анаҩс – аԥҵамҭақәа равторцәа).

2.3. Акомиссиа алахәыла автор иаҳасабала аиндаҭлара ихы алаирхәуазар, уи ибжьы абжьыҭираан иахыԥхьаӡалахом.

2.3. Аиндаҭлара аҽалархәраз аҳәара аларгалар ҟалоит аҩымҭақәа равторцәа (ма авторцәа руаӡәк), ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аҟазаратә хеилакқәа уҳәа убас егьырҭгьы.

2.4. Аиндаҭлара аҽалархәраз аԥҟара аналаргало иацҵатәуп ҵаҟа иану ақьаадқәа (адокументқә):

1) аиндаҭлара аҽалархәразы автор (ма авторцәа руаӡәк) иҟнытә арзаҳал;

2) акьыԥхь збахьоу аҩымҭа (ажәеинраалақәа реизга, алакәқәа, апоемақәа, апиесақәа, егьырҭ ажанрқәа ирыҵаркуа аҩымҭақәа);

3) аҩымҭа аелектронтә версиа;

4) Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра зыршаҳаҭуа апаспорт ахҩылаа.

2.5. Аиндаҭлара иалахәу аматериалқәа аконверт иҭаҵаны, иҷабны иаларгалоит. Ацәаҿы иақәрыҩуеит:

 «Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература аҿиараҿы рлагаламҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иаԥнаҵаз Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә литературатә премиа анашьаразы аиндаҭлара аҽалархәразы арзаҳал», насгьы аиндаҭлара ажанр.

 

 

3. Аиндаҭлара аиҿкаашьеи амҩаԥгашьеи

 

3.1. Аиндаҭлара амҩаԥгаҩыс иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра (анаҩс – аиндаҭлара амҩаԥгаҩ).

3.2. Аиндаҭлара алахәылацәа ралхра, иаиааиз ралкаара Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҟны еиҿкаау аиндаҭлара амҩаԥгараз акомиссиа анапы иануп. Акомиссиа иалахәуп алитературеи, акультуреи, аҵарадырреи аҟны зҽалызкааз, еицырдыруа аҟазацәа (аспециалистцәа).

3.3. Аиндаҭлара аиҿкааҩ:

– аиндаҭлара амҩаԥгара аамҭа азԥхьагәеиҭоит;

– аиндаҭлара амҩаԥагараз аинформациа амассатә хархәагақәа рҿы акьыԥхь иаирбоит;

– аиндаҭлара аҽалархәраз арзаҳалқәеи аматериалқәеи рыдкылареи ашәҟәы рҭагалареи еиҿикаауеит;

– аиндаҭлара мҩаԥигоит, иазирхиоит аекспертцәа рхеилак аилатәаразы аҭахра змоу аматериалқәа:

– аиндаҭлара алыҵшәақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аофициалтә саити егьырҭ амассатә хархәагақәеи рҿы акьыԥхь иаирбоит;

– аиндаҭлара алыҵшәақәа рзы уи алахәылацәа адырра риҭоит.

3.4. Аиндаҭлара амҩаԥгаразы аинформациа иаанарԥшуазароуп аиндаҭлара номинациақәас иамоу, алахәылацәа рышҟа иҟоу аҭахрақәа, иаҭахәу ақьаадқәа (адокументқәа), аԥҟара-дҵақәеи аматериалқәеи ралагаларазы аҭыԥи аҿҳәареи, хаҭала иара аиндаҭлара амҩаԥгара аҿҳәара.

3.5. Аиҿкааҩ аиндаҭлараз адокументқәа идикылоит амассатә хархәагақәа рҿы алаҳәара аныҟарҵалак ашьҭахь ҩымз ирзынаԥшуа.

3.6. Аиндаҭлара ҩ-етапкны имҩаԥгахоит.

I аетап – аиндаҭларахь инагоу аҩымҭақәа заа ирыхәаԥшуеит, аилыргара иахрыжьуеит, инықәырԥшны ахәшьара арҭоит;

II аетап – аиндаҭлара алыҵшәақәа азгәарҭоит, иаиааиз далыркаауеит.

3.7. Актәи аетап аҿы Акомиссиа иҭнаҵаауеит аиндаҭлараз иалагалоу адокументациа шаҟа аҭахрақәа (аԥҟарақәа) ирықәшәо.

Акомиссиа актәи аилатәараҿы иаадыртуеит иҷабны аконверт иҭоу аиндаҭлара иалахәхараны иҟоу аматериалқәа, еиқәдыршәоит аиндаҭлара алахәылацәа рсиа, иахәаԥшуеит аиндаҭлара иалахәу адокументациа шаҟа ииашаны еиқәыршәоу.

Аҩбатәи аетап ахь инашьҭу алахәылацәа рсиа, иахьалахәу аноминациа азгәаҭаны, насгьы мап зцәыркыз арзаҳалқәа, уи мзызс иамоу арбаны, Акомиссиа аилатәара апротокол аҿы иҭарыҩуеит.

Актәи аетап мҩаԥгахоит аматериалқәа рыдкылараз аҿҳәара анынҵәалак ашьҭахь хәымш ирҭагӡаны.

3.8. Актәи аетап аҟны аиндаҭларахь инарышьҭыз аматериалқәа Акомиссиа иҭнаҵаауеит 30 мшы ирҭагӡаны аконвертқәа анаадыртлак ашьҭахь.

3.9. Акомиссиа аиндаҭларахь инагоу аҩымҭақәа рыхәаԥшреи рыҭҵаареи раан напхгагас ирымоуп ҵаҟа иарбоу ашәагазагақәа (акритериқәа):

– асахьаркыратә ҩаӡара ҳаракы;

– апатриотизм алааӡараз шаҟа ицхыраагӡоу.

3.10. Акомиссиа аилазаара шьақәырӷәӷәахоит Аԥсны аҳәынҭқарра акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр идҵала.

Акомиссиа актәи аилатәараҿы далырхуеит Акомиссиа ахантәаҩы, Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, имаӡаныҟәгаҩ хаҭала дара алахәылацәа реилазаара аҟнытә.

3.11. Акомиссиа хадара азиуеит Ахантәаҩы. Ахантәаҩы даныҟам, Акомиссиа аусура напхгара аиҭоит Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Ахантәаҩы Акомиссиа азеиԥш напхгара азиуеит, аҭахра зауз ақьаадқәа (адокументқәа) инапы аҵаиҩуеит, хаҭала аҭакԥхықәра идуп Акомиссиа аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡараз.

3.12. Акомиссиа аилатәара амчра амоуп ҳәа иԥхьаӡоуп акомиссиа алахәылацәа рзеиԥш хыԥхьаӡара ҩба ахԥатәи ахәҭа аныҟоу. Акомиссиа аӡбарақәа аднакылоит аилатәара иалахәу алахәылацәа рыбжеиҳараҩык рыбжьыҭирала. Абжьқәа анеиҟараха, ирыдыркылоит Акомиссиа ахантәаҩы дыззааҭгылаз аӡбара.

3.13. Акомиссиа аилатәара азыӡбара протокол ҳасабла ирыҩуеит, уи рнапы аҵарыҩуеит Ахантәаҩи (уи даныҟам Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ) Амаӡаныҟәгаҩи.

3.14. Аҩбатәи аетап иалагӡаны Акомиссиа номинациацыԥхьаӡа аинҭадлараҿ иаиааиз далырхуеит.

3.15. Акомиссиа иаиааиз ҳәа аӡәгьы ихьӡ адмырбар ҟалоит, аиндаҭларахь инагоу аҩымҭақәа ари Аԥҟара ашәага-загақәа ирықәымшәозар, мамзаргьы иарбоу аноминациаҟны изакәызаалак ҩымҭакгьы ыҟамзар.

3.16. Аиндаҭлара анхыркәшахалак хымш ирҭагӡаны Аиҿкааҩцәа иаиааиз аҩыра шәҟәы рзынарышьҭуеит, анаҩс аиндаҭлара алҵшәақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аофициалтә саити егьырҭ амассатә хархәагақәеи рҿы акьыԥхь иадырбоит.

3.17. Номинациацыԥхьаӡа иаиааиз аҩымҭа автор ианашьахоит аҿанҵа (премиа) ҳасабла 50000 (ҩынҩажәи жәаба нызқь) мааҭ.

Иаиааиз аҳамҭақәа рыҭара мҩаԥысует март 11 – Т. Шь. Аџьба иира амш аҽны.

 

Rate this item
(0 votes)
Last modified on Dinsdag, 02 Мшаҧы 2019 11:36

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.