Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу Роза Расим-иԥҳа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Аԥсуа профессионалтә вокалтә ҟазараҿ шәлагаламҭақәа даара ирацәоуп. Аԥсуа жәлар ринструментқәеи жәлар рашәақәеи рӡыргара, ажәлар рыларҵәара акыр џьабаа адыжәбалоит. Абаҩхатәра змоу арҵаҩы, жәлар рҟазарахь ишәымоу абзиабара аҿар ирылашәааӡоит, аҭоурых шьаҭа ду змоу ҳфольклортә музыка ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзеиқәшәырхоит.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ашықәснҵыра рацәа! Шәҭаацәеи шәареи шәеигымхааит! Аҟазарахь ишәымоу агәыблыра ҿымцәаауа, аԥсуа сцена шәагымхааит!».