Print this page

Иалкаауп ашықәс азы иреиӷьу аусумҭақәа

09 Ԥхынкәын 2021 269

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцә Реидгыла рцәыргақәҵатә зал хадаҟны имҩаԥысит Акультура Аминистрра иаԥнаҵаз апремиа «Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа» анашьара.

Аепидемиатә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны ацәыргақәҵа аартреи зусумҭақәа алкаахаз асахьаҭыхыҩцәа аҳамҭақәа рыҭареи рцеремониа аформат рыԥсахит. Ацәыргақәҵа иалахәын аиҿкааҩцәа, аусумҭақәа равторцәа, амассатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа рымацара.

Асахьаркыратә совет аӡбарала 84 усумҭақәа рҟнытә иалкаахеит: актәи аҭыԥ - Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа «Анатиурморт»; аҩбатәи аҭыԥ - Витали Џьениа иусумҭа «Викториа»; ахԥатәи аҭыԥ - Ҳагԥҳа Аԥшьа лусумҭа «Акарантин».

Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьоуп: Хынҭәԥҳа Диана аусумҭа «Ауада» азы, Кәарҷелиаԥҳа Сабина аусумҭа «Ааԥынтәи ашәҭқәа» рзы.

Аԥсны Акультура аминистр Гудиса Агрба аицлабра иалахәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеит апандемиа иахҟьаны аԥхьахәҭара иазкыз аусмҩаԥгатә ахышәа-аҿышәара шырԥсахыз.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩреи иҟоу аԥкрақәеи инарыдҳәаланы ацәыргақәҵа иалахәыз аиҿкааҩцәеи аԥхьақәқәа згаз асахьаҭыхыҩцәеи ажурналистцәеи мацара ракәын.
 
"Даара иаҳҭахын арахь изҭахыз зегьы ааир, аха уажәазы уи ҳзалыршом. Ҳгәыӷуеит хара имгакәа аҭагылазаашьа аҽаԥсахып ҳәа. Гәыкала алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит", - ҳәа иҳәеит акультура аминистр.Ацәыргақәҵатә зал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ашықәс азы иреиӷьхаз аусумҭа алкаара аинтерес ду шаҵоу.
"Ацәыргақәҵахь иааиуа уаанӡа иалкаау усумҭақәоуп. Убри азы ишьақәыргылоу аҭыԥқәа ирхыҳәҳәаргьы ауеит. Сынтәа аҽа ҩ-рҿиамҭакгьы алыркааит акомиссиа", - ҳәа лҳәеит лара.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан Диана Хынҭәԥҳа лусумҭа "Ауада" азы, Сабина Кәарҷелиаԥҳа лусумҭа "Ааԥынтәи ашәҭқәа" азы.
 
Актәи аҭыԥ иаԥсахаз Виссарион Ҵәыџьба иҳәеит ацәыргақәҵа ныҳәак ишаҩызоу асахьаҭыхыҩцәа рзы еиԥш абзиабаҩцәа рызгьы.
"Адунеи зымҽхазкыз ачымазара ҳаԥсҭазаара зегьы ианыԥшуеит. Ари акультуратә хҭысқәагьы ираҩымсит. Дара акыр имаҷхеит. Ус шакәугьы асеиԥш иҟоу аусқәа аԥсҭазаара шаанымгыло удырбоит", - иҳәеит асахьаҭыхыҩ.
Аԥсны Акультура аминистрра аԥхьахә "Иреиӷьу ашықәс аусумҭа" анашьара аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла адгыларала.
Last modified on Donderdag, 09 Ԥхынкәын 2021 18:33