Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Аскар Абздразаков Пицундатәи ауахәамазы: «Ари илашԥхкыгоу, енергетика бзиа змоу залуп, араҟа ашәа умҳәар залшом, избанзар араҟа уԥсы, угәаҭа ашәа рҳәоит…»

Ииун 23 рзы Пицундатәи ауахәама Аҳәынқарратә концерттә зал аҟны имҩаԥысит Башкириатәи аопереи абалети рҳәынҭқарратә театр артистцәа рықәгылара.

Аконцерт апрограмма шьақәгылан еицырдыруа аромансқәеи ариақәеи рыла. Инаигӡон атеатр асахьаркыратә напхгаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Башкортостан жәлар рартист Аскар Абдразаков.

«Ари илашԥхкыгоу, енергетика бзиа змоу залуп, араҟа ашәа умҳәар залшом, избанзар араҟа уԥсы, угәаҭа ашәа рҳәоит. Ҳара Аԥсны аанҳажьуеит ҳагәқәа џьшьарала иҭәны. Араҟа аконцерт амҩаԥгара – ҭоурых хҭысуп. Сгәыӷуеит, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа традицианы иҟалап ҳәа, насгьы ҳажәларқәа рыбжьара аимадара аҽарӷәӷәап, лассы-лассы ҳаиҭанеиааилап ҳәа агәра згоит», – аконцерт ашьҭахь иҳәеит Аскар Абдразаков.

Аконцерттә хор инанагӡеит апрограмма «…О вечном», уи иахәҭакын Алеқсандр Гречанинов иҩымҭа «Литургия Святого Иоанна Златоуста» (№ 2, арҿ. 29) аҟынтәи аномерқәа, ҳаамҭазтәи молдавиатәи акомпозитор Владимир Чолак иаԥҵамҭа «Месса».

Ауарӷан апартиа наигӡон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолист, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа. Аконцерт далахәын Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолист Кристина Ешԥҳа.

Апроект мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ацхыраарала.

Last modified on Vrydag, 25 Рашәара 2021 18:55

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.