Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Гәдиса Агрба арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Валери Ақаҩба иидиныҳәалеит ииубилеи

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Валери Ақаҩба иидиныҳәалеит ииубилеи – 75 шықәса ихыҵра. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Валери Михаил-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи!

Шәара шәҟазаратә мҩа хацшәыркит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны, иаразнакгьы шәхы аашәырԥшит аҟыбаҩ змоу актиори арежиссиори рыҳасаб ала. Абаҩхатәра ду, атеатртә ҟазара арҿиарахь ишәымоу агәацԥыҳәара ирыбзоураны, шәара ишәырҳаит жәлар раҳаҭыр Аԥсныи уи анҭыҵи. Шәара шәусумҭақәа егьырҭ ирыламҩашьо автортә хаҿра рныԥшуеит. Урҭ акырынтә жәларбжьаратәи аҳамҭақәа дырҳахьеит аҳәаанырцә имҩаԥысуа зыҩаӡара ҳараку афестивальқәа рҟны, иара убас ҳтәыла аҟынгьы жәлар рыбзиабара дырҳаит, атеатртә ҟазара иадҳәалоу апрофессионалтә еилазаара рыбжьарагьы иазгәарҭахьеит, ахә ҳаракны иршьахьеит.

Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа шәҟазараҿы».

Валери Ақаҩба атеатр аҟны иқәыргыламҭақәа: Грибоедов «Зыхшыҩ зрыцҳарахаз», Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», Кальдерон «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», У. Шеқспир «Иули Цезар», Гольдони «Кьоџьаа рҭыӡшәа», Ф. Искандер «Махаз», М. Бӷажәба «Гәараԥаа рписар».

Валери Ақаҩба атеатр аҟны иихәмарыз арольқәа: Дон Карлос (Шиллер ипиеса «Дон Карлос» аҟны), Освальд (Ибсен ипиеса «Анаурқәа» аҟны), Подкалесин (Гоголь – «Аԥҳәысаагара»), Альберто де Стефано (Едуардо де Филиппо – «Ауаҩи аџьентлмени»), Михаил Заболотныи (Виктор Розов – «Ачара аҽны»), Ле Гуевена (Жак Роббер – «Мари-Октиабр»).

 

Last modified on Dinsdag, 26 Ажьырныҳәа 2021 11:17

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.