Аиндаҭлара мҩаԥыслоит онлаин формат ала. Аҽалархәра зҭаху зегьы Миха Лакрба иновелла ма ановелла ацыԥҵәаха аԥхьара авидеоролик абри аелектронтә ҭыӡҭыԥ: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ахь иаарышьҭыроуп мшаԥымза 15 рҟынӡа. Аиндаҭлара иалахәхар рылшоит 15 - 25 шықәса зхыҵуа зегьы. Авидеоҭаҩра аамҭала хә-минуҭк еиҳамзароуп. Иалыркаараны иҟоуп хҩык аиааиҩцәа. Ажиури бжьыҭара маӡала урҭ рыхьыӡқәа рҳәоит. Иреиӷьқәоу иранашьахоит адипломқәа, агәалашәаратә ҳамҭақәа.
XX ашәышықәсазы иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩцәа дреиуоуп Миха Лакрба. Иара диит ажьырныҳәа 19, 1901 шықәсазы. Лакрба иновеллақәа адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоуп. Аԥсны дмаҷуп Миха Лакрба иновеллақәа — "Асас", "Аԥслаҳә зшьыз", "Аламыс" уҳәа ззымдыруа.