Print this page

Аклассикатә музыка Ашықәс ҿыцазтәи ателехәаԥшратә концерт

28 Ԥхынкәын 2020 247

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра шәаанаԥхьоит аклассикатә музыка Ашықәс ҿыцазтәи ателехәаԥшратә концерт ахәаԥшра.

Аконцерт иалахәуп Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара ззиуа Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Р. Џь. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа – Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниаԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Гәлиза Аҩӡԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Асида Шьакаииаԥҳа, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа – Елена Анқәабԥҳа, Нана Черқьезиаԥҳа, Ныгәзар Какалиа, Асҭамыр Кәыҵниа, Альдона Цкуаԥҳа, Армен Хачатуриан, иара убас Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Абаза».

Аконцерт атранслиациа мҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадио еилахәыра аканал аҟны ианвар 1 аҽны.

Шәааҳаԥхьоит илашоу амузыка аныҳәа шәалахәхарц.

Last modified on Maandag, 28 Ԥхынкәын 2020 13:00