Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

83 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Никәала Кәыҵниа

Аԥсуа милаҭтә литература арҿиараҿы злагала шьардоу, СССР-и, Аҧсны, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла  Никәала Кәыҵниа диит 1938 шықәса март  13 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан.

Аҵара иҵон Аҭара, нас – Аҟәатәи абжьаратәи аҧсуа школқәа рҟны. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭеи, А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиути, А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институти дрылгеит. 1960 ш. инаркны аус иуан Аҧсуа радио адикторс. 1984 ш. нахыс – 2004 ш. рзынӡа – ҩеижәа шықәса инеиԥынкыланы  ажурнал «Алашара» аредактор аус иуан, 2004 ш. инаркны 2010 ш. рзынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.

Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1955 ш. инаркны. Ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Республика Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва); аизгақәа «Ерцаху», «…Памятник нам сыновей не заменит…», «Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа, Астатиақәа. – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа - Сухум, 1995), Нхыҵкавказтәи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реизга «Война длиною в жизнь» (М.., 2007) уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009).

Иҭижьхьан 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи,  афоризмқәеи еидызкыло ашәҟәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ароманқәа «Алашә иблақәа аныхты», «Аԥшатлакә», «Ашьа ицаша».

Аурысшәахь еиҭаганы Москва иҭыҵхьан иажәеинраалақәа реизга «В ожидании чуда; иповестқәеи иажәабжьқәеи реизга «Праздник».

Никәала Кәыҵниа дырдыруан иара убас еиҭагаҩны. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аерман уҳәа ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рырҿиамҭақәа. Урҭ иреиуоуп: А. С. Пушкин, Н. А. Некрасов, А. А. Блок, К. М. Симонов, Е. А. Евтушенко, Р. И. Рождественски, А. А. Вознесенски, Ҟ. Ш. Кулиев, Е. Межалаитис, Р. Г. Гамзатов уҳәа ражәеинраалақәа. Хазы шәҟәны иҭижьхьеит Г. Табиӡе иажәеинраалақәа реизга, Ч. Амиреџьиби ироман «Даҭа Ҭуҭашхьиа», Л. Н. Толстои иповест «Иван Илиа-иҧа иҧсра», И. С. Тургенев иповестқәа реизга «Раҧхьатәи абзиабара», И. Бунин иповестқәеи иажәабжьқәеи, Г. Маркес иповест «Ирылаҳәаз ауаҩшьра аҭоурых ахроника», Д. Гурамишвили – «Давиҭиани» аҟнытә ахқәа, Ф. Шиллер, У. Шекспир ртрагедиақәа уҳәа акыр аҩымҭақәа.

Аԥсуа литература аҭоурых аҟны имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз Никәала Ҭарашь-иԥа Кәыҵниа ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит дыздыруаз зегьы ргәалашәараҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра гәалсра дула ирыдышшылоит   Никәала Ҭарашь-иҧа Кәыҵниа иуацәеи иҭынхацәеи.

 
Last modified on Vrydag, 19 Жәабран 2021 10:25

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru