Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Онлаин-концерт: Аԥсны Санкт-Петербургтәи афестиваль иалахәхоит

Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәындеи" амузыкант Лука Гаделиеи алахәхоит есышықәсатәи афестиваль "Амилаҭтә коллекциа" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.

Ансамбль "Гәында" алахәылацәа афестиваль аиҿкааҩцәа ирзырышьҭит рықәгыларақәа рвидеонҵамҭа: "Аҷандараҟа даагоит", "Аӡиаҵәа Риҵа", Филип Гласс иетиуд №1 (Лука Гаделиа).

"Сынтәа ари ахәбатәи афестиваль ауп. Ааԥхьара ҳауит. Ҳәарада уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит", - лҳәеит лара.

Афестиваль иалахәхоит жәлар рмузыка назыгӡо аколлективқәа, академиатә нагӡаҩцәа, афлеита, акларнет, аскрипка, арфаҟны ахәмарыҩцәа ҳәа лҳәоит Џьниаԥҳа.

"Аномерқәа зегь еиднакылоит петербургтәи афилармониа. Сара афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы лыҳасаб ала Аԥсны ахьӡала сықәгылоит. Амҩаԥгаҩи сареи ҳаиҿцәажәара ашьҭахь аномерқәа дҳарбоит", - лҳәоит лара.

Иара убасгьы иазгәалҭоит петербургтәи афилармониа Азал маҷ аҟынтәи атранслиациа ишалаго абҵара 12 асааҭ 18:00 рзы YouTube аҿы.

Есма Џьниаԥҳа лажәақәа рыла Аԥсны афестиваль онлаин формат ала ралахәра ԥышәа дууп иахьатәи аԥкырақәа раамҭазы.

 

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.