Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Гәдиса Агрба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор,«Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иирамш идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор,«Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иирамш идиныҳәалеит. 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иԥа!

Аԥснытәии Урыстәылатәии анаукақәа ракадемиақәа рлахәыла, М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Оксфордтәи академиатә хеидкыла алахәыла, еицырдыруа аԥсуа математик, знаукатә усумҭақәа жәларбжьара азхаҵара зауз, шәара акыр шықәса инеиԥынкыланы напхгара азыжәуеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет – зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа ахьазыҟарҵо ҳреспублика иреиҳау аҵараиурҭа ахәшҭаара.

Шәџьабаақәа ирыбзоураны Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа рассоциаициа иахыԥхьаӡалоуп, рыҽдырҭбаауеит ауниверситет жәларбжьаратәи аимадарақәа.

Анаукатә усура анаҩсгьы, шәара активла шәалахәуп ҳреспублика аполитикатә, ауаажәларратә ԥсҭазаара, акырынтә Жәлар реизара – Апарламент ахь депутатс шәалхын.

Шәирамш шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, ашықәснҵыра рацәа, аԥсуа наука ҩаԥхьагьы амаҵ азуразы шәымч-шәылша еизҳааит!»

Last modified on Donderdag, 24 Цәыббра 2020 12:41

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.