Print this page

Абзагә Ҵәыџьба Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр жәларбжьаратәи аимадарақәа рызҵаарақәа рзы иабжьагаҩыс дҟаҵоуп

03 Цәыббра 2020 287

Анапхгаҩ ҿарацәа реицлабра «Аԥсны агәадура» аҟны аиааира згаз Абзагә Ҵәыџьба Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр жәларбжьаратәи аимадарақәа рызҵаарақәа рзы иабжьагаҩыс дҟаҵоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр инапы аҵаиҩҩит адҵа Абзагә Ҵәыџьба аминистр иабжьагаҩыс дҟаҵазарц.

Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр иазгәеиҭеит ари аконкурс даара аҵак ду шамоу абаҩхатәра змоу аҿар ралԥшааразы, избан акәзар урҭ роуп ҳтәыла уаҵәтәи аԥеиԥш аӡбару зуалу, агәыӷрагьы ааирԥшит аҿар ишахәҭоу еиԥш рхы аадырԥшып ҳәа. Гәдиса Агрба Абзагә Ҵәыџьба иизеиӷьеишьеит алшара дуқәа игәҭакқәа зегьы рынагӡараз.

Ихәҭакахь ала Абзагә Ҵәыџьба акультура аминистр иҭабуп ҳәа иеиҳәеит игәра ахьигаз, дақәиргәыӷит илшареи идырреи дшырмеигӡо идырҵаз аҭакԥхықәра анагӡараз.


Абзагә Ҵәыџьба далгеит Урыстәылатәи Атәылахьчара Аминистрра иаҵанакуа Арратә университет аинформациала аиқәыршәара акафедра (азанааҭ «арратә журналист).

2019 шықәса инаркны аҵара иҵоит Урыстәылатәи Ахада иусбарҭа иаҵанакуа Жлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵуреи Урыстәылатәи ракадемиа аспирантураҟны, афакультет – жәларбжьаратәи арегионҭҵаареи арегионалтә напхгараҭареи аполитикатә наукеи арегионҭҵаареи рхырхарҭақәа рыла.

Амузыкатә театр «Мамзышьха» аҟны солист дыҟан. Изныкымкәа жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рҟны аиааира (Гран-при) игахьеит.

Last modified on Donderdag, 24 Цәыббра 2020 12:42