Республика Абхазия, г.Сухум,  ул.Лакоба,  21 

Ахақәиҭра Ашҭаҿ иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аргылара, С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы – аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа

 

Ԥхынгәы 28 рзы акультура аминистр Гәдиса Агрба хантәаҩра ззиуа абаҟақәа апроектқәа иреиӷьу ралхразы иаарту жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рымҩаԥгаразы амонументалтә комиссиа аусуратә гәыԥ ахаҭарнакцәеи Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи иаҭааит Ахақәиҭра Ашҭеи С. Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭеи.

Ахақәиҭра Ашҭаҿ иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аргылара, С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы – аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа.

Акультура аминистр, Аҟәа ахада, акомиссиа алахәылацәа ирылацәажәеит абаҟақәа рыргылареи ашҭақәа рырԥшӡареи ирыдҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа жәпакы.

Акультура аминистр иазгәеҭеит: «Ҳара иҭкааны иаҳдыруазароуп иаҳҭаху. Иҟалап, иаҭаххар адгьыл аҵаҟатәи акоммуникациақәа реиҿкаара, аҭыԥқәа рфотоҭыхымҭақәа, рыхсаалақәа рыҟаҵара. Багаԥшь ибаҟа хаҭала иахьдыргыло аҭыԥ алхтәуп. Аиндаҭлара иалахәу иҳадыргалоит рхатәы проектқәа, рхатәы вариантқәа. Аха уи аамҭазы ҳара ҳазгәаҭарақәагьы ирызхьаԥшруп. Иаагозар, ашҭа агәҭа абаҟа аргылара залшом, избанзар ақалақь ахадара аӡбарала ашҭа агәҭаны иргылахоит аӡыршә».

Ақалақь Аҟәа ахада Беслан Ешба агәра диргеит ақалақь ахадара ахәҭакахь ала зегь рыла ацхыраара шыҟарҵо.

«Аҭыхра ҿыцқәа рыҟаҵара ацхыраара шәаҳҭоит, избанзар С. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы аԥсахрақәа ҟалахьеит. Ашҭа агәҭаны ааигәа иргылахоит аӡыршә. Ҳаргьы ҳгәы иаанагоит, абаҟа ашҭа агәҭаны аргылара залшом ҳәа. Аха аӡбара здызкыло амонументалтә комиссиа акәхоит», – иазгәеиҭеит Б. Ешба.

Last modified on Dinsdag, 28 Ԥхынгәы 2020 16:49

Поиск по Архиву

Архив новостей

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИНИСТРРАЗЫ

Министерство культуры Республики Абхазия является центральным органом государственного управления, осуществляющим функции по выработке и реализации государственной политики в сфере культуры, искусства, историко-культурного наследия.

АИМАДАРАҚӘА

Аҧсны Аҳәынҭқарра

384900, ақ. Аҟәа, Лакәаба им. 21

Аҭел: +7(840) 229-75-42.

E-mail: mc_ra@mail.ru

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
© 2018-2024 Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра || Министерство культуры Республики Абхазия ||
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых публицистических, аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя.