Ԥхынгәы 24 рзы акультура аминистр Гәдиса Агрбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳаи Р. Ҵәыџьба ихьӡ зху Очамчыратәи Акультуратә ҩны иаҭааит. Аминистрра анапхгара дырԥылеит Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы Вианор Логәуа. Уи иааз идирбеит Акультуратә ҩны аматериалтә-техникатә база аҭагылазаашьа.
Иара убас Аминистрра анапхгара иаҭааит жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ретнографиатә ансамбль «Ерцаху» арепетициа.
Гәдиса Агрба ихәҭакахь ала ансамбль алахәылацәа агәра диргеит рҟазаратә гәҭакқәа аԥсҭазаара аларҵәаразы ганрацәала ацхыраара шриҭо.