Ииунь 24 рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵаиурҭа ахореографиеи жәлар ринструментқәа роркестри рыҟәшақәа рҟны имҩаԥысит аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчара.
Аусмҩаԥгатә даҭааит Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба. Аминистр, аҵараиурҭа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дрыдныҳәало, иажәахә аҟны иазгәеиҭеит: «Гәыкала ҳаушьҭымҭацәа ирзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиарақәа адипломтә усумҭақәа рыхьчараҿ. Зҵара аҳәаанырцә иацызҵарц агәаҳәара змоу ҳрызгәдууп, хылаԥшра раҳҭалоит, лыԥхала рҵара иалганы Аԥсныҟа раара ҳазыԥшуп».