Ииун 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрбеи акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыри аусбарҭақәа русура аҭҵааразы ирҭааит К. Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ», Аҿар рзы аҳәынҭқарратә ареспубликатә библиотека, Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Абаза».
Акультура аминистр иқәгылараҟны иазгәеиҭеит: «Сгәы иахәеит хаҭала шәабадырра алшара ахсоуз. Ҳаԥхьаҟа агәҭакқәеи аусӡбатәқәеи рацәаны иҳамоуп. Агәра ганы сыҟоуп, урҭ аԥсҭазаара раларҵәаразы адгылара сышәҭап ҳәа. Хымԥада, ауадаҩрақәагьы ҳамоуп, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит урҭ рҭыԥ ақәҵаразы».