Ииунь 19 аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрраҟны имҩаԥысит аиԥылара — акультура аминистр Гәдиса Агрба, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа дрыдыркылеит Леон и-Орден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Шьараҭын» асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Бебиа.
Аиԥылараҟны иалацәажәон ансамбль арепетициатә база апроблема, иара убас ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы имҩаԥыргараны иҟоу ансамбль аиубилеи иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа.