Print this page

Акультура Аминистрра аколлектив ҿыц иҟаҵоу аминистр Агрба Гәдиса дыддырдырит

08 Рашәара 2020 278

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Акультура аминистрра аколлектив дыддырдырит аминистр ҿыц Гәдиса Агрба. 

Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иқәҵара даԥхьеит, анаҩс Акультура аминистрра аусура азгәаҭо, иҭабуп ҳәа леиҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа, агәыӷрагьы ааирԥшит, ҩаԥхьагьы ҿыц иалху аминистр Гәдиса Агрба аколлектив адгылара бзиа ирҭап ҳәа.  

Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа Аԥсны ахадара рыхьӡ ала Гәдиса Агрба изеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәа иусураҟны. Иара убас иҭабуп ҳәа леиҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа акультура аминистрра аусура бзиа ахеиҿылкааз азы.

Гәдиса Агрба ихәҭаахь ала иҭабуп ҳәа леиҳәеит Ельвира Арсалиԥҳа лџьабаазы, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара агәрагара ахьирҭаз азы.

Ельвира Арсалиаԥҳа Гәдиса Агрба изеиӷьалшьеит ақәҿиарақәа, игәҭакқәа зегьы аԥсҭазаара аларҵәараз алшара иоураз.

Last modified on Maandag, 08 Рашәара 2020 16:10