Ишәыдаҳныҳәалоит Аныҳәа ду – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра.
Ҳхырхәоит аибашьцәа рҿаԥхьа, хацәнымырха ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи зыхьчаз, Аиааира ду ҳзаазгаз.
55 нызқь ҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа наԥхьан Асовет Ари Арратә-амшынтә флоти рышҟа. Урҭ рахьтә 17,5 нызқь ҩык рыԥсдагьыл рхы ақәырҵеит.
Аибашьра аветеранцәа! Аныҳәа ду шәыдныҳәало, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи ашықәсынҵыра рацәеи!