Print this page

Хәажәкырамза 11 аҽны Д. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны имҩаҧысит Т. Шь. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷқәеи ақәыҧшцәеи ирызку Аҳәынҭқарратә алитретаруратә премиа анашьара иазкыз аусмҩаҧгатә

12 Хәажәкыр 2020 282

Апремиа анашьаразы Аҧсны Акультура Аминистрраҟны иаҧҵоу акомиссиа излаӡбаз ала 2019 шықәсатәи апремиа иаҧсахеит:

Адраматургиа ажанр аҟны Валентин Кәаҕәаниа «Сыкәты шкәакәа» азын.
Апоезиа ажанр аҟны Геннади Аламиа ирҿиамҭа «Нарҭашәа» азын.

Апремиа раналшьеит Аҧсны акультура аминистр Е. Арсалиаҧҳа.

Т. Аџьба ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаҧгалахоит хышықәса рахьынтә знык. Иаиааиз иранашьахоит аҧаратә ҳамҭа 50.000 нызқь мааҭ.

Last modified on Dinsdag, 28 Мшаҧы 2020 13:03